Иракли Кобахиӡе Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд амиссиа анапхгаҩы диҧылеит
Иракли Кобахиӡе Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд амиссиа анапхгаҩы диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд (IMF) амиссиа анапхгаҩы Алехандро Ҳаиденберг диҧылеит.  

Аиҧылараҿы Қырҭтәыла аиҳабыреи Жәларбжьаратәи авалиутатә фонди қәҿиарала русеицуреи IMF ацхыраареи ирылацәажәеит, афискалтәии аструктуратәи реформақәа рымҩаҧгара ахырхарҭалагьы.   

Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла аекономикатә азҳара адинамика иазааҭгылеит. Ишазгәаҭаз ала, аҵыхәтәантәи 5 шықәса ирылагӡаны, атәылаҿ  аекономикатә азҳара шықәсыктәи арбага  9.3%- иаҟароуп, ари атенденциа сынтәагьы инагӡоит.  

Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, аиҳабыра имҩаҧырго аекономикатә политика амакроекономикатә ҭышәынтәалара ахьчареи, аструктуратә реформақәа рырҕәҕәареи, астратегиатә ҵакы змоу аинфраструктуратә проектқәа рымҩаҧгареи иазкуп, арҭ апроектқәа иреиуп Амшын еиқәа аӡаҵантәи акабель апроекти  Анаклиа иҵаулоу абаҕәазеи. 

Хшыҩзышьҭра азун аҳәынҭқарра иатәу анаплакқәа ркомплекстә реформа, уи абзоурала аҳәынҭқарра жәа-миллионла лари аиҷаҳара алшеит, ари аҧара зыӡбахәы ҳәоу асектор аҿиара иаларҵоит. 

Аиҧылара рхы аладырхәит Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд Қырҭтәылаҿ еснагьтәи ахаҭарнак Ендриу Џьуели, Қырҭтәыла афинансқәа рминистр Лаша Хуцишвилии, аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиании.