Иракли Кобахиӡе  - Акыраамҭа ашантаж шыҟарҵогьы, Еврокомиссарцәа руаӡәы аҭелла саниацәажәоз иара иҟынтә исаҳаз ақәмақарра  уамашәа избеит… - „Фицо ихьыз ижәымбеи, даараӡа шәгәы шәҽанызароуп“ ҳәа иҳәеит
Иракли Кобахиӡе  - Акыраамҭа ашантаж шыҟарҵогьы, Еврокомиссарцәа руаӡәы аҭелла саниацәажәоз иара иҟынтә исаҳаз ақәмақарра  уамашәа избеит… - „Фицо ихьыз ижәымбеи, даараӡа шәгәы шәҽанызароуп“ ҳәа иҳәеит

Еврокомиссарцәа руаӡәы аҭелла саниацәажәоз иара иҟынтә исаҳаз ақәмақарра  уамашәа избеит. Сара дансацәажәоз, еврокомиссар, Аартызаара иазку азакәан азы вето аҧыхра ашьҭахь европатәи аполитикцәа иҟарҵар зылшо ашьаҿақәа данрылацәажәоз, иҳәеит: „Фицо ихьыз ижәымбеи, даараӡа шәгәы шәҽанызароуп“, – иануп Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе  иҳәамҭаҿы.

Словакиа аҧыза-министр изы мышқәак раҧхьа атеррористтә жәылара мҩаҧган.   Кобахиӡе иажәақәа рыла, уажәы Фицо иӡбахәы рҳәеит Аартызаара иазку азакәан иадҳәалоу ашантаж аконтекст аҿы, уи даараӡа игәыҧжәагоуп.

„Ҳуааҧсыра Аартызаара иазку азакәан иадҳәаланы имҩаҧысуа ахҭысқәа ирыцклаҧшуеит, дара ибзиаӡаны ирбоит аҳәаанырцәтәи аполитикцәа рацәа  ақырҭуа жәлари дара иалырхыз аиҳабыреи ирҿагыланы иаартны ашантаж шыҟарҵо. Ҳара абри аҩыза ихьымӡҕу ашантаж ҳашьцылахьеит, уи атәыла анапхгара рзгьы, ҳажәлар рзгьы актуалра ацәыӡит.   Аха,  акыраамҭа ашантаж шыҟарҵогьы, Еврокомиссарцәа руаӡәы аҭелла саниацәажәоз иара иҟынтә исаҳаз ақәмақарра  уамашәа избеит… – „Фицо ихьыз ижәымбеи, даараӡа шәгәы шәҽанызароуп“ ҳәа иҳәеит. Словакиа аҧыза-министр изы мышқәак раҧхьа атеррористтә жәылара мҩаҧган, уажәы иара иҽихәшәтәуеит. Арҭ ауаа  иӡбахәы рҳәеит Аартызаара иазку азакәан иадҳәалоу ашантаж аконтекст аҿы, уи даараӡа игәыҧжәагоуп.

Иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп, заанаҵтәи аинформациа инақәыршәаны, аҧыза-министр иқәлара еиҿкаан тәылак амаҵзура ҷыдақәа рыла,  зыӡбахәы ҳәоу амаҵзурақәа  „Аглобалтә аибашьра апартиа“ ҕәҕәала иадҳәалоуп. Апревенциа амзызла,  ақырҭуа жәлар  абри ақәмақарра иазкны  аинформациа рыҭара исуалуп ҳәа исыҧхьаӡеит. Роберт Фицо ишьра аҽазкра аӡбахәы аҳәара даҽазнык иҳгәаланаршәеит Аглобалтә аибашьра апартиа  даараӡа ишшәарҭоу, дара Қырҭтәылаҿ аилаҩынтәра аиҿкааразы ирылшо зегьы ҟарҵоит.  Агәра ганы сыҟоуп уажәгьы рпланқәа шынамгӡахо, Қырҭтәыла хымҧада аҭынчреи аполитикатә ҭышәынтәалареи ихьчазаауеит, уи атәыла аҿиаразы зда ҧсыхәа иҟам ҭагылазаашьоуп“, – иазгәаҭоуп аҧыза-министр иҳәамҭаҿы.