Иракли Кобахиӡе – Аҳаҭыртә орден аиуразы  иқәҳаргылоит 26ҩык ахәмарҩцәеи, азыҟаҵратә штаби, Қырҭтәыла Ашьапылампылтә федерациа ахаҭарнакцәеи
Иракли Кобахиӡе – Аҳаҭыртә орден аиуразы  иқәҳаргылоит 26ҩык ахәмарҩцәеи, азыҟаҵратә штаби, Қырҭтәыла Ашьапылампылтә федерациа ахаҭарнакцәеи

 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе иҳәамҭала,  Аҳаҭыртә орден аиуразы иқәдыргылоит 26ҩык ахәмарҩцәеи, азыҟаҵаратә штаби, Қырҭтәыла Ашьапылампылтә федерациа ахаҭарнакцәеи.

Иракли Кобахиӡе ари аҳәамҭа ҟаиҵеит аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.

«Афиналтә матчқәа ирылахәы  26ҩык ахәмарҩцәа анашьамҭақәа роуеит. Рызынтәгьы Аҳаҭыртә орден аиура рыдысныҳәалоит. Иара убас, Аҳаҭыртә орден аиуразы иқәҳаргылоит азыҟаҵаратә штаби афедерациа анапхгареи. Аиашаз, арҭ ауаа изыҧсоу рацәоуп. Уи атәылантә, аҳәынҭқаррантә ироур ирылшо аминималтә аҭабуроуп.  Даҽазнык    ишәыдысныҳәалоит. Ҳаҧхьаҟа ақәҿиара дуқәа ҳзыҧшуп.  Ҳаизга Европа ачемпионатаҿ ақәҿиара  азеиҕьасшьоит», — иҳәеит  Кобахиӡе.