Иракли Ҕарибашвилии Румынтәыла Амилаҭтә тәылахьчара аминистр диԥылеит
Иракли Ҕарибашвилии Румынтәыла Амилаҭтә тәылахьчара аминистр диԥылеит

Қырҭтәылеи Румынтәылеи русеицуреи НАТО-и Евроеидгылеи рҟны аизыҟазаашьақәеи ирылацәажәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии Румынтәыла Амилаҭтә тәылахьчара аминистр Василе Дискуи реиҧылараҿы. 

Аиҳабыра радминистрациа аҟынтә ишаарыцҳаз, аиԥылараҿ хшыҩзышьҭра ҷыда рызун атәылахьчара аусхкы аҿы наҟ-наҟтәи аизыҟазаашьақәа. Ишазгәаҭаз ала, астратегиатә партниорра арҕәҕәара иазкны уажәааны рнапы зҵарҩыз адекларациа абзоурала, ахырхарҭақәа зегьы рыла ҩ-тәылак реизыҟазаашьақәа аимпульс ҿыц роуеит. 

Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа, НАТО ашҟа Қырҭтәыла аинтеграциа иазааҭгылан, иаҵшьны иазгәарҭеит НАТО-Қырҭтәылатәи апакет наӡа анагӡараҿы Румынтәыла иҟанаҵо алагала ду.  Аиҧылара алахәылацәа Амшын еиқәа ашәарҭадара иадҳәалоу азҵаарақәагьы ирылацәажәеит.