Иракли Ҕарибашвилии Никол Ҧашиниани ҭелла еицәажәеит
Иракли Ҕарибашвилии Никол Ҧашиниани ҭелла еицәажәеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниани ҭелла еицәажәеит. 

Аиҳабыра радминистрациа апрессмаҵзура аҟынтә ишаарыцҳаз, аганқәа рхаҭарнакцәа ҩ-ганктәи аусеицуреи арегионалатә ҵакы змоу азҵаарақәеи ирылацәажәеит. Ари аконтекст аҿы иаҵшьны иазгәаҭан Аахыҵ Кавказаҿ аҭагылазаашьа аиҕьтәреи ари ахырхарҭала иашьашәалоу ашьаҿақәа рыҟаҵареи аҵакы.  

“Иракли Ҕарибашвилии Никол Ҧашиниани ишырҳәаз ала, Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа хымҧада ирҭбаатәуп, дара 2023 шықәса алагамҭаз Ереван Қырҭтәыла-Шәамахьтәылатәи аусбарҭабжьаратә комиссиа аилатәара амҩаҧгаразы еиқәшаҳаҭхеит”, – иануп аинформациа аҿы.