Иракли Ҕарибашвилии Испаниа аҳи жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа аартра ацеремониа рхы аладырхәоит, апланқәа ирылоуп Испаниа аиҳабыра рнапхгаҩи аконгресс ахадеи рҟны аиԥыларақәа рымҩаԥгара
Иракли Ҕарибашвилии Испаниа аҳи жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа аартра ацеремониа рхы аладырхәоит, апланқәа ирылоуп Испаниа аиҳабыра рнапхгаҩи аконгресс ахадеи рҟны аиԥыларақәа рымҩаԥгара

Иракли Ҕарибашвилии Испаниа аҳи жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа аартра ацеремониа рхы аладырхәоит, апланқәа ирылоуп Испаниа аиҳабыра рнапхгаҩи аконгресс ахадеи рҟны аиԥыларақәа рымҩаԥгара. Ари атәы ааицҳаит Испаниа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Илиа Гиоргаӡе Иракли Ҕарибашвили Испаниаҿ ивизит данахцәажәоз.

“Иахьа алагоит

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Испаниаҿ ивизит. Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы, Мадрид, жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа FITUR-2021 аартра ацеремониа ихы алаирхәоит, Қырҭтәыла абри ауснагӡатә иалахәып апартниор тәыла астатус ала. Ауснагӡатә ааиртуеит Испаниа аҳ Филлип VI. Ауснагӡатә рхы аладырхәоит 30 тәылақәа рхаҭарнакцәа. Атуризм ахырхарҭаҿ ари зегь реиҳа зымҽхак ҭбаау уснагӡатәны имԥхьаӡоуп.   Жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵаҿы Қырҭтәыла хазы ақәыҧшылара амазаауеит, уаҟа атуроператорцәеи, аилахәырақәеи, амедиа ахаҭарнакцәеи Қырҭтәыла атуристтә хырхарҭақәа ирызкны инарҭбаау аинформациа роур рылшоит.

Ари ада, Испаниа ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла Аҧыза-министр, Испаниа аиҳабыра рнапхгаҩы Педро Санчеси Испаниа Аконгресс ахада Маричел Батети дырҧылоит. Испаниа Қырҭтәыла европатәии евроатлантикатәи аинтеграциеи Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаареи рыдгылоит,” – иазгәеиҭеит ацҳаражәҳәаҩ.