Иракли Ҕарибашвили – Хазхаҭалатәи асектор аусзуҩцәа  ажьырныҳәа  1 инаркны  адекреттә ҧсшьараан  1000 лари ацынхәрас  2000 лари  роуеит
Иракли Ҕарибашвили – Хазхаҭалатәи асектор аусзуҩцәа  ажьырныҳәа  1 инаркны  адекреттә ҧсшьараан  1000 лари ацынхәрас  2000 лари  роуеит

«Хазхаҭалатәи асектор аусзуҩцәа  ажьырныҳәа  1 инаркны  адекреттә ҧсшьараан  1000 лари ацынхәрас  2000 лари  роуеит», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иахьа имҩаҧгаз аиҳабыра реилатәараҿы.

Иара иажәақәа рыла, адекреттә ҧсшьара азҵаара проблемас иҟан.

«Апарламентаҿ исыҳәеит ари азҵаара ҳаӡбарц, ҳара уи ҳалацәажәан, хазхаҭалатәи асектор аусзуҩцәа адекреттә ҧсшьараан ироуа аҧара ҩынтә аизырҳара ҳаӡбеит. Ажьырныҳәа 1 инаркны дара  1000 лари ацынхәрас  2000 лари роуеит. Ишыжәдыруа ала, уаанӡа, ашколқәа рырҵаҩцәагьы рызҵаара ҳаӡбеит, анеҩстәи ашықәс инаркны, ашколқәа рырҵаҩцәа адекреттә ҧсшьараан рулафахәы инагӡаны ироуеит. Уажәы хазхаҭалатәи асектор аусзуҩцәа рзгьы аӡбара ҳадаҳкылеит, дара  2000 лари ацхыраара роуеит», — иҳәеит  Иракли Ҕарибашвили.