Иракли Ҕарибашвили Урсула фон дер Лаиен дылҧылеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, Прага, Европатәи аполиткиатә аидгыла раҧхьатәи асаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Еврокомиссиа ахада Урсула фон дер Лаиен дылҧылеит.
Аиҧылараҿы аҧыза-министр Қырҭтәыла европатәи аперспектива анашьара иазку аҭоурыхтә аӡбара далацәажәан, ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла иаҭаху зегьы ҟанаҵоит Евроеидгыла алалара амзызла акандидат астатус аиурц азыҳәан.
Қырҭтәыла, зыҧшра ҟамҵакәа, еврокомиссиа ала иҳәаақәҵаз 12 абжьагарақәа рынагӡара иалагеит. Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, аинклиузивтә процесс абзоурала, аиҳабыратә структурақәеи, аоппозициеи, иара убас, атәылауаҩратә уаажәларреи абжьагарақәа рынагӡара апроцесс рҽаладырхәыр рылшоит, уи азыҳәан аусуратә гәыҧқәа еиҿкаауп.
Аганқәа рхаҭарнакцәа Украина имҩаҧысуа аибашьреи Қырҭтәылеи арегиони адунеи рзы уи иамоу анырреи иазааҭгылеит. Аҧыза-министр ҷыдала дазааҭгылеит Аахыҵ Кавказ арегионаҿ аҭынчра ашьақәыргылара иазку Евроеидгыла аҽазышәара. Иара ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла ари аус аҿы ахатә алагала аҟаҵара иазыхиоуп.
Аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакәа, атранспорти, аенергетикеи, арыцхәтә технологиақәеи аусхкқәа рҿы Евроеидгылаҟны Қырҭтәыла азааигәахареи аинфраструктуратә коммуникациеи иалацәажәеит. Амшын еиқәа атранспорттә инфраструктура Евроеидгыла атранспорттәи аенергетикатә политикаҿы крызҵазкәа аҭыҧ ааннакылоит, Евроеидгылеи Қырҭтәылеи ари ахырхарҭала аусеицура иаҳа идырҭбаауеит.
Аҧыза-министр Еврокомиссиа ахада Қырҭтәылаҟа ааҧхьара лиҭеит.