Иракли Ҕарибашвили – Украинатәи сколлегеи сареи ҳаиҧылараҿы ахадаратә ҵакы змаз  азҵаарақәа иреиун Евроеидгылаҟа аинтеграциа
Иракли Ҕарибашвили – Украинатәи сколлегеи сареи ҳаиҧылараҿы ахадаратә ҵакы змаз  азҵаарақәа иреиун Евроеидгылаҟа аинтеграциа

Украинатәи сколлегеи сареи ҳаиҧылараҿы ахадаратә ҵакы змаз  азҵаарақәа иреиун Евроеидгыла ашҟа аинтеграциа, — иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр  Иракли Ҕарибашвили Украина Аҧыза-министр Денис Шмыгали иареи еицымҩаҧыргаз апрессконференциаҿы.

Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, аиҧылараҿы  Қырҭтәылеи Украинеи  НАТО ашҟа ринтеграциа азҵаарагьы иалацәажәеит.

«Украинатәи сколлегеи сареи ҳаиҧылараҿы ахадаратә ҵакы змаз  азҵаарақәа иреиун Евроеидгыла ашҟа аинтеграциа . Ҳәарада, аҩ-тәылак Евроеидгыла алалара иазҿлымҳауп, убри аҟынтә, абри азҵаара кыраамҭа ҳалацәажәон. Ишыжәдыруа ала,  сынтәа,  лаҵара   17 рзы, Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи   рнапы аҵарҩит «Ассоциациатә трио» аиҿкаара иазку амеморандум, убри ала, ҳара крызҵазкәа аполиткиатә аҳәамҭа ҟаҳҵеит.  Иара убас, аиҧылараҿы, Қырҭтәылеи Украинеи НАТО ашҟа ринтеграциа апроцессгьы ҳалацәажәеит.  Аҩ-тәылак, хара имгакәа, НАТО алахәылацәас иҟалар рҭахуп. Ишыжәдыруа ала, Бухаресттәи асаммит аҿы НАТО алахәылацәа аргама аарыцҳаит Қырҭтәылеи Украинеи хымҧада НАТО ишалало. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ҳтәылақәа абри апроцесс аҿы ақәҿиара дуқәа рыман», — иҳәеит Аҧыза-министр.