Иракли Ҕарибашвили Швеицариаҟа ддәықәлеит,  уаҟа иара Давос имҩаҧысуа  Адунеизегьтәи  аекономикатә форум ихы алаирхәоит
Иракли Ҕарибашвили Швеицариаҟа ддәықәлеит,  уаҟа иара Давос имҩаҧысуа  Адунеизегьтәи  аекономикатә форум ихы алаирхәоит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, аделегациа иманы, Швеицариаҟа ддәықәлеит, уаҟа иара Давос имҩаҧысуа  Адунеизегьтәи  аекономикатә форум ихы алаирхәоит.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, аиҳабыра рнапхгаҩы, адунеи алидерцәеи, иара убас, идуу жәларбжьратәи аилахәырақәа рнапхгаҩцәеи рҟны зыҩаӡара ҳараку ҩ-ганктәи аиҧыларақәа мҩаҧигоит.

Аҧыза-министр апленартә дискуссиаҿы дықәгылоит.

Аҧыза-министр анапхгара ззиуа Қырҭтәыла аделегациа иалоуп  авице-аҧыза, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Леван Давиҭашвилии, адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии, аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Реваз Џьавелиӡеи,  атәым инвестициақәа рызҵаарақәа рзы аҧыза-министр ибжьагаҩ ҷыда Вазил Ҳудаки.