Иракли Ҕарибашвили Сербиатәи ареспублика ахада диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили Сербиатәи ареспублика ахада диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Сербиатәи ареспубика ахада Алеқсандр Вучич диҧылеит.

Аҧыза-министр ипрессмазура адыррала, аиҧылараҿы Қырҭтәылеи Сербиеи рыбжьара аусеицура  ахадаратә хырхарҭақәеи аусеицура арҭбаара аперспективақәеи ирылацәажәеит. Иаҵшьны иазгәаҭан ҩ-ганктәии аганрацәалатәи форматқәа рҿы 2 тәылак русеицура аҵакы.

Аиҧылара алахәылацәа европатәи аинтеграциа иадҳәалоу азҵаарақәеи, ашәарҭадара ҭагылазаашьақәеи, арегионаҿгьы адунеи аҿгьы иҟоу апроблемақәеи ирылацәажәеит.

Аҧыза-министри Сербиатәи ареспублика ахадеи даҽазнык ишьақәдырҕәҕәеит 2 тәылак рҵакырадгьылтә акзаара ишадгыло.