Иракли Ҕарибашвили – Рашәарамзазы аекономикатә азҳара  7,2%иҟан, ажьырныҳәа- рашәарамзатәи абжьаратә арбага  10,5% иаҟарахеит
Иракли Ҕарибашвили – Рашәарамзазы аекономикатә азҳара  7,2%иҟан, ажьырныҳәа- рашәарамзатәи абжьаратә арбага  10,5% иаҟарахеит

«Рашәарамзазы аекономикактә азҳара иҵоуроу адинамика инагӡан, аекономикатә азҳара  7,2%иҟан, ажьырныҳәа- рашәарамзатәи абжьаратә арбага  10,5% иаҟарахеит — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли  Ҕарибашвили аиҳабыра реилатәараҿы.

Аҧыза-министр иажәақәа рыла, абри аҩыза аекономикатә азҳара арегионаҿ мацара акәымкәа, Европаҿгьы  шамахамзар иуҧылом.

«Ҳәарада,  ари адинамика ахьчаразы иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит. Ҳукааҧсыра ирасҳәар сҭахуп рашәарамзазы ашәахтә зшәо аилахәырақәа реикәшара  20,4%-ла ишазҳаз, ҿыц ашәҟәы иҭагалоуп  6641 еилахәырақәа, ари арбага иҳаҩсыз амза арбага аасҭа  36%-еиҳауп.

Аеқспорт  28%-ла иазҳаит,  448 миллион адоллар аҟынӡа ишьҭыҵит.

Атуристтә сектор аҿгьы аиҭашьақәыргылара атенденциа бзиоуп. Рашәарамзазы атуризм аҟынтә ахашәала еиҭашьақәыргылан  88,7%-ла, атуризм аҟынтә аҳәынҭқарра   300 миллион адоллар еиҳаны ахашәала аиуит. Убри аҟынтә, ари атенденциа сынтәагьы инагӡахап ҳәа ҳгәыҕуеит. Бжьымз рыла абизнес иазыхынҳәит 1 273 000 000 лари», — иҳәеит аҧыза-министр.