Иракли Ҕарибашвили - Қырҭтәыла зҽаҧсазтәыз актиор Нугзар Шариа иҧсра даараӡа сгәы иалсит
Иракли Ҕарибашвили - Қырҭтәыла зҽаҧсазтәыз актиор Нугзар Шариа иҧсра даараӡа сгәы иалсит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили еицырдыруа ақырҭуа актиор,  Қырҭтәыла зҽаҧсазтәыз артист  Нугзар Шариа иҧсра иадҳәаланы адашшылара ҟаиҵеит.

«Қырҭтәыла зҽаҧсазтәыз актиор Нугзар Шариа иҧсра даараӡа сгәы иалсит.

Ҳаҭыр зқәыз Нугзар иакымкәа хашҭра зқәым арольқәа рыла ақырҭуа ахәаҧшцәа рыбзиабара иоуит. Иара ақырҭуа киноҟазара аҭоурыхаҿ наӡаӡа даанхоит.

Ҳаҭыр зқәыз Нугзар иҭаацәара алахәылацәеи, иуацәеи, иҩызцәеи гәыкала срыдашшылоит» , – иануп адашшылараҿы.

Еицырдыруа ақырҭуа актиор,  Қырҭтәыла зҽаҧсазтәыз артист  Нугзар Шариа  81 шықәса дшырҭагылаз иҧсҭазаара далҵит.