Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла-Евроеидгылатә Ассоциациа ахеилак аилатәара ихы алаирхәоит 
Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла-Евроеидгылатә Ассоциациа ахеилак аилатәара ихы алаирхәоит 

Цәыббра 6 рзы, Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла-Евроеидгылатә Ассоциациа ахеилак 7-тәи аилатәара ихы алаирхәоит. Аиҳабыра рнапхгаҩы анапхгара ззиуа аиҳабыратә делегациа иахьа Бриуссельҟа идәықәлеит.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, аиҳабыра рнапхгаҩы иҳаракӡоу аҩаӡараҟны аиҧыларақәа мҩаҧигоит.

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили  дызхагыло Қырҭтәыла аделегациа иалоуп авице-аҧыза, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Леван Дарчиашвилии  аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Реваз Џьавелиӡеи.