Иракли Ҕарибашвили  -  Қырҭтәыла аиҳабыра  Еврокомиссиантә ироуз азҵаабҕьыц актәи ахәҭазы аусура хдыркәшеит,  Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахаҭарнакра анапхгаҩы Карл Ҳарцель ихарҭәаау азҵаабҕьыц ирҭоит  лаҵара 2 рзы
Иракли Ҕарибашвили  -  Қырҭтәыла аиҳабыра  Еврокомиссиантә ироуз азҵаабҕьыц актәи ахәҭазы аусура хдыркәшеит,  Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахаҭарнакра анапхгаҩы Карл Ҳарцель ихарҭәаау азҵаабҕьыц ирҭоит  лаҵара 2 рзы

Қырҭтәыла аиҳабыра  Еврокомиссиантә ироуз азҵаабҕьыц актәи ахәҭазы аусура хдыркәшеит,  Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахаҭарнакра анапхгаҩы Карл Ҳарцель ихарҭәаау азҵаабҕьыц ирҭоит  лаҵара 2 рзы, – Иракли Ҕарибашвили ари атәы ааицҳаит иахьа аиҳабыра радминистрациаҿы аҧыза-министр инапхгарала имҩаҧгаз Евроеидгылашҟа аинтеграциа азҵаарақәа рзы аиҳабыратә комиссиа  63-тәи аилатәараҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ари апроцесс иалахәыз аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи ауааҧсыреи ҭабуп ҳәа реиҳәеит азҵаабҕьыц актәи ахәҭа ахарҭәаара амзызла  имҩаҧыргаз аусуразы.  

Аҧыза-министр идҵа инақәыршәаны,  азҵаабҕьыц аҩбатәи,  асектортә хәҭа ахарҭәааразы активла аусура иаҿуп. Азҵаабҕьыц аҩбатәи ахәҭа  33 ахәҭаҷқәа рыла ишьақәгылоуп, аусхкытә секторқәа зегьы инрықәыршәаны Евроеидгыла азакәанҧҵара ашьашәалазаара иадҳәалоу  2300 зҵаара амоуп.

Аилатәараҿы азҵаабҕьыц аҩбатәи ахәҭазы аусура ахыркәшара аҿҳәара иалацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, апроцесс интенсивла имҩаҧысуеит. Евроеидгыла азҵаабҕьыц аҩбатәи ахәҭа ахарҭәааразы лаҵара 13-нӡа аҿҳәара шьақәнаргылеит, аха, Қырҭтәыла аиҳабыра, Евроеидгыла азҵаабҕьыц излауа ала ирласны ихарҭәааны, аҿҳәаранӡа идәықәырҵар  рҭахуп.  

Иахьатәи аилатәараҿы аҧыза-министр ишиӡбаз ала, азҵаабҕьыц актәи ахәҭа еиҧшҵәҟьа, аҩбатәи асектортә ахәҭагьы аладырҵәоит.  

Иракли Ҕарибашвили аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит азҵаабҕьыц аҩбатәи ахәҭазгьы активла аусура нарыгӡарц, уигьы, актәи ахәҭа еиҧшҵәҟьа, излауа ала ирласны, ибзианы ихадырҭәаарц азыҳәан.  

Ихҳарҭәаау азҵаабҕьыц адәықәҵара анеҩс, Еврокомиссиа ахатә ахәшьаратә аҳасабырба армазеира иалагоит, убри аамышьҭахь, адокумент Евроеидгыла Ахеилак ашҟа идәықәырҵоит. Евроеидгыла Ахеилак аӡбара аднакылоит рашәара анҵәамҭазы.