Иракли Ҕарибашвили – Қырҭтәыла афинанстәи аекономикатәи санкциақәа ирылахәхәом
Иракли Ҕарибашвили – Қырҭтәыла афинанстәи аекономикатәи санкциақәа ирылахәхәом

«Сара,  аҧыза-министр иаҳасабала, ажәлар ирзаасыцҳар сҭахуп ҳтәыла амилаҭтә интересқәеи ҳажәлар ринтересқәеи  ирҧырхагахаша изакәызаалак аӡбарак шсыдсымкыло», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, амилаҭтә интересқәа иазҧхьагәаҭаны, Қырҭтәыла афинанстәии аекономикатәии санкциақәа ирылахәхәом.

«Аргама аасыцҳар сҭахуп,  ҳмилаҭтә интересқәеи ҳажәлар ринтересқәеи иазҧхьагәаҭаны, Қырҭтәыла афинанстәии аекономикатәии санкциақәа ирылахәхәом.  Еиҭасҳәар сҭахуп, арҭ асанкциақәа ҳтәылеи ҳуааҧсыреи ҧырхагамзар акгьы рзааргом. Убри аҟынтә,  аиҳаабыра рнапхгаҩы иаҳасабала, ҳуааҧсыреи,  адәныҟатәигьы аҩныҵҟатәигьы аполитикеи рзы аҭак сыҧхықәуп. Ари аӡбара сыдыскылеит амилаҭтә интересқәа рыхьчара мацараз», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.