Иракли Ҕарибашвили Қеда иҟоу ашә арҩара ааглыхырҭа  «Қерқи» даҭааит
Иракли Ҕарибашвили Қеда иҟоу ашә арҩара ааглыхырҭа  «Қерқи» даҭааит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қеда иҟоу ашәыррҩа ааглыхырҭа  «Қерқи» даҭааит. Аиҳабыра радминистрациа апрессмаҵзура адыррала, Ҕарибашвили ааглыхырҭа аҧшәмацәеи аусзуҩцәеи драцәажәеит.

Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, абри аҩыза ааглыхырҭақәа аҭыҧантәи ауааҧсыра аусурҭала реиқәыршәареи аҭыҧантәи анаплакра аҿиареи иацхраауеит.

Ааглыхырҭа «Қерқи» аҿы иҭрыжьуеит ашәыррҩеи, аџьынџьухи, ишьақаррку ашәыри, иара убас, араса аус адырулоит.

Ааглыхырҭа аусура иалагеит  2021 шықәсазы,  зыӡбахәы ҳәоу ааглыхырҭа аартра иацхрааит аҳәынҭқарратә программақәеи, Ақыҭа аҿиара агентреи, Аҷара ақыҭанхамҩа аминистрреи, Агросервис ацентри, иара убас, Еврропатәи Ахеилаки,  USAID-и,  TBC Bank-и.

Зынӡа ааглыхырҭа иалаҵан 750 000 адоллар аинвестициа, уаҟа аус руеит  30ҩык иреиҳаны аҭыҧантәи ауааҧсыра.

Ааглыхырҭаҿы аҧыза-министр ицын Аҷаратәи автономтә республика аиҳабыра рхантәаҩы Ҭорнике Рижваӡеи, авице-аҧыза, Қырҭтәыла аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Леван Давиҭашвилии, Қырҭтәыла арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистр Иракли Қарселаӡеи.