Иракли Ҕарибашвили Лиа Миқаӡе лыҧсра иадҳәаланы адашшылара ҟаиҵеит
Иракли Ҕарибашвили Лиа Миқаӡе лыҧсра иадҳәаланы адашшылара ҟаиҵеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили  Лиа Миқаӡе лыҧсра иадҳәаланы адашшылара ҟаиҵеит.

«Қырҭтәыла еицырдыруа ателеамҩаҧгаҩ Лиа Миқаӡе лыҧсра сгәы иалсит.

Лиа Миқаӡе Қырҭтәыла ателехәаҧшра раҧхьатәи амҩаҧгаҩ лакәын, лара Мҭаҵминда иҟаз ателестудиантә раҧхьаӡа акәны Қырҭтәыла ауааҧсыра аҧсшәа раҳәаны, ателехәаҧшра ашьаҭаркра рыдылныҳәалеит.

Лзанааҭдырра дуи лакадемиатә стили абзоурала, ажәлар ҷыдала бзиа дырбон, ҩынҩажәеижәаба шықәса еиҳаны лусусруа иацклаҧшуан.

Лҭаацәареи, луацәеи, лҩызцәеи,  лколлегацәеи срыдашшылоит», — иануп аҧыза-министр иҟаиҵаз адашшылараҿы.

Ақырҭуа телехәаҧшра раҧхьатәи амҩаҧгаз Лиа Миқаӡе  86 шықәса дшырҭагылаз лыҧсҭазаара далҵит.