Иракли Ҕарибашвили  Кореиатәи ареспубликаҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили  Кореиатәи ареспубликаҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили  Кореиатәи ареспубликаҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц  Ҭарашь Папаскуа диҧылеит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы  Қырҭтәылеи Кореиатәи ареспубликеи рыбжьара ҩ-ганктәии fганрацәалатәи  аизыҟазаашьақәа рырҭбаара аҵакы далацәажәеит, ари аганахьала иалкаан  аполитикатәи, ахәаахәҭра-економикатәи, аинвестициатәи, акультуратәи, аҵаратәи, аенергетикатәи усхкқәеи, аинформациатә технологиақәеи, атуризми. Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, наҟ-наҟ арҭ аизыҟазаашьақәа рырҭбаара дақәгәыҕуеит.

Аҧыза-министр Ҭарашь Папаскуа амаҵзураҭыҧ ҿыц аанкылара идныҳәаланы, ҳаҧхьаҟа ақәҿирқәа изеиҕьеишьеит.