Иракли Ҕарибашвили Кореиатәи ареспубликаҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц диҧылеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Кореиатәи ареспубликаҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Ҭарашь Папаскуа диҧылеит.
Аиҳабыра рнапхгаҩы Қырҭтәылеи Кореиатәи ареспубликеи рыбжьара ҩ-ганктәии fганрацәалатәи аизыҟазаашьақәа рырҭбаара аҵакы далацәажәеит, ари аганахьала иалкаан аполитикатәи, ахәаахәҭра-економикатәи, аинвестициатәи, акультуратәи, аҵаратәи, аенергетикатәи усхкқәеи, аинформациатә технологиақәеи, атуризми. Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, наҟ-наҟ арҭ аизыҟазаашьақәа рырҭбаара дақәгәыҕуеит.
Аҧыза-министр Ҭарашь Папаскуа амаҵзураҭыҧ ҿыц аанкылара идныҳәаланы, ҳаҧхьаҟа ақәҿирқәа изеиҕьеишьеит.