Иракли Ҕарибашвили Џьозеф Боррель  диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили Џьозеф Боррель  диҧылеит

 

Арегионаҿ ашәарҭадаратә ҭагылазаашьеи, Қырҭтәыла ала 12 пункттәи аплан анагӡара апроцессаҿ иҟаҵоу ашьаҿақәеи, Қырҭтәыла иазкны Еврокомиссиа ицәырнагаз аналитикатә аҳасабырбеи, – абарҭ атемақәа ирылацәажәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии Еврокомиссиа авице-ахада, адәныҟатәи ашәарҭадаратәи зҵаарақәа рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак  Џьозеф Боррели реиҧылараҿы. Аганқәа еиҧылеит Миунхентәи Ашәарҭадара аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны. 

Аиҧылараҿы иазааҭгылеит Европатәи Ахеилак Қырҭтәылазы иҳәаақәнаҵаз 12 аҧыжәарақәа рынагӡара апроцесс, ишазгәаҭаз ала, аҧыжәарақәа реиҳара инагӡоуп, азакәанҧҵаратә актқәа рыхәҭак, аихшьаалазы Венециатәи акомиссиашҟа идәықәҵоуп. 

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, Евроеидгыла алалара апроцессаҿ атәылазы анеҩстәи шьаҿоуп акандидат астатус аиура. 

Иара убас, ишазгәаҭаз ала, Еврокомиссиа аҳасабырбаҿы иаҵшьны иазгәаҭоуп атәыла азакәанҧҵаратә базеи аҳәынқарратә институқәеи Евроеидгылаҟны ршьашәалазаара еиқәзыршәо ахырхарҭақәа рҿы Қырҭтәыла иҟаҵоу аконкреттә шьаҿақәа, уи ала даҽазнык ишьақәырҕәҕәан Қырҭтәыла аҧхьагылара шамоу асектортә реформақәа рымҩаҧгара аганахьала. 

Аиҧылара алахәылацәа арегиони адунеи рҿы ашәарҭадаратә ҭагылазаашьеи апроблемақәеи ирылацәажәеит. Аиҳабыра рнапхгаҩы даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла аиҳабыра  аҭынчмҩала аимакқәа рҭыҧқәҵара аполитика ишақәныҟәо.