Иракли Ҕарибашвили - Иуане Џьавахишьвили ихьӡ зху Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет Қырҭтәылеи Аахыҵ Кавкази рҿы раҧхьатәи аҵаратә усбарҭа ҳҭоурыхи ҳкультуреи рҿы аихьӡара дууп
Иракли Ҕарибашвили - Иуане Џьавахишьвили ихьӡ зху Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет Қырҭтәылеи Аахыҵ Кавкази рҿы раҧхьатәи аҵаратә усбарҭа ҳҭоурыхи ҳкультуреи рҿы аихьӡара дууп

Иуане Џьавахишьвили ихьӡ зху Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет ашьаҭаркра инаркны 104 шықәса ҵит. Ари амш инамаданы Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили идеыҳәалара аланарҵәеит.

“Қырҭтәылеи Аахыҵ Кавкази рҿы раҧхьатәи аҵаратә усбарҭа ҳҭоурыхи ҳкультуреи рҿы аихьӡара дууп. Уи ашәышықәсатәи аҵаратә традициақәа нанагӡоит, ашьаҭаркра амш инаркны иахьанӡагьы ҳтәыла аҵарадырреи аҵареи рҿиара мацара акәымкәа, аполитикатәи, аекономикатәи, ауаажәларратәи ҧсҭазаарагьы ҳәаақәнаҵоит.

Иахьа ҳаҭыр дула иҳгәалаҳаршәоит ауниверситет ашьаҭаркҩцәа – Иуане Џьавахишьвилии, Петре Мелиқишьвилии, Константин Аҧхазии, Еқвҭиме Ҭаҟаишьвилии, Дырмит Узнаӡеи, егьырҭи рааҧсара ду. Ҳаҭырла иҳгәалаҳаршәоит зыҧсҭазаара зегьы ирызгәакьаз ауниверситет иазызкыз ауааҧсыра зегьы.

Хаҭала сареи Қырҭтәыла аиҳабыреи ҳахьӡала иазгәасҭар сҭахуп ауниверситет анапхгареи, апрофессорцәеи, астудентцәеи, аусзуҩцәеи, иара убас, ауниверситет иалгахьоу ауааҧсыреи ҳаҧхьаҟагьы ҳашрыдгыло. Ажәлар зегьы зегьы иахьатәи амш рыдысныҳәалоит,” – иануп аԥыза-министр идныҳәалараҿ.