Иракли Ҕарибашвили иҳәамҭала, испаниатәи еилахәыра  «Aqualia»  ала GWP аахәара иалаҵаз  180 миллион аинвестициа Қырҭтәыла аӡылеиқәыршәара иацхраауеит

180 миллион аинвестициа Қырҭтәыла аӡылеиқәыршәареи аменеџьмент аҿиареи  иацхраауеит, — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили онлаин-аформат аҿы  «Aqualia» агенералтә директор  Фелиқс  Парреи  «Georgian Capital» агенералтә директор Иракли Гилаурии данырҧылоз.

Аҧыза-министр ипресс-маҵзура адыррақәа рыла,  астратегиатә инвесторс, иара убас, аинвестициатә еилахәыра  «Georgian Capital» аилахәыраҿыга — Georgia Global Utilities (GGU) апартниорс аофициалла иҟалеит адунеи иреиҕьу аилахәырақәа иреиу испаниатәи еилахәыра «Aqualia».

«Aqualia» зыӡбахәы ҳәоу апроект аланаҵеит  180 миллион адоллар, уи ацынхәрас,  «Georgian Water and Power» аҿы 80-наӡынатәи ахәҭа аиуеит. Иаанхаз  20  наӡына «Georgian Capital» иатәуп.