Иракли Ҕарибашвили иҳәамҭала, испаниатәи еилахәыра «Aqualia» ала GWP аахәара иалаҵаз 180 миллион аинвестициа Қырҭтәыла аӡылеиқәыршәара иацхраауеит
180 миллион аинвестициа Қырҭтәыла аӡылеиқәыршәареи аменеџьмент аҿиареи иацхраауеит, — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили онлаин-аформат аҿы «Aqualia» агенералтә директор Фелиқс Парреи «Georgian Capital» агенералтә директор Иракли Гилаурии данырҧылоз.
Аҧыза-министр ипресс-маҵзура адыррақәа рыла, астратегиатә инвесторс, иара убас, аинвестициатә еилахәыра «Georgian Capital» аилахәыраҿыга — Georgia Global Utilities (GGU) апартниорс аофициалла иҟалеит адунеи иреиҕьу аилахәырақәа иреиу испаниатәи еилахәыра «Aqualia».
«Aqualia» зыӡбахәы ҳәоу апроект аланаҵеит 180 миллион адоллар, уи ацынхәрас, «Georgian Water and Power» аҿы 80-наӡынатәи ахәҭа аиуеит. Иаанхаз 20 наӡына «Georgian Capital» иатәуп.