Иракли Ҕарибашвили – Иахьа ҳара аганқәа зегьы рахь аҳәара ҟаҳҵоит Урыстәыла ала Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа закәандарала рымпыҵахалара аҵыхәа ҧырҵәарц
Иракли Ҕарибашвили – Иахьа ҳара аганқәа зегьы рахь аҳәара ҟаҳҵоит Урыстәыла ала Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа закәандарала рымпыҵахалара аҵыхәа ҧырҵәарц

«Иахьа ҳара аганқәа зегьы рахь аҳәара ҟаҳҵоит Урыстәыла ала Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа закәандарала рымпыҵахалара аҵыхәа ҧырҵәарц», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили ЕАР Ассамблеиа Хада 76-тәи асессиаҿы данықәгылоз.

Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала,  Урыстәыла Қырҭтәыла аҵакырадгьыл  20 наӡына импыҵахаланы иамоуп, аха, уи адагьы,  европатәи евроатлантикатәи ҭаацәарахь атәыла алалара активла иаҧырхагоуп.

Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы жәларбжьаратәи ауаажәларра рахь ааҧхьара ҟаиҵеит атәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы жәларбжьартатәи зин ахадаратә принципқәа реилагара ақәҿыҭразы иахәҭоу ашьаҿақәа еицыҟарҵарц.

«Сынтәа Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи Аӡбара иазханаҵеит Урыстәыла Қырҭтәыла 2 регионк импыҵахаланы ишамоу, арҭ арегионқәа ишырхылаҧшуа. Урыстәыла аҭакҧхықәра адырҵеит Аҧсни Цхинвалтәи арегиони рҟны ауаҩытәыҩса изинқәа реилагаразы.

Иахьа, абри атрибуна аҟынтә, сара жәларбжьаратәи ауаажәларрахь ааҧхьара ҟасҵоит импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы жәларбжьаратәи зин ахадаратә принципқәа реилагара иахәҭоу ақәҿыҭра арҭарц,  2008 шықәса нанҳәазы, Евроеидгыла абжьацәажәарала аганқәа еицрыдыркылаз Амца аанкылара иазку аиқәшаҳаҭра анагӡара ацхрааразы еидгыларц.

Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҿы есымша  «иҳәазо аннексиеи» абордеризациеи афактқәа иҟоуп. Ауаа рымҵарсреи, закәандара раанкылареи иаҿуп, ауаа рхы иақәиҭны изеиҭаҵуам, рхатә бызшәала аҵара азин рымам, ҷыдала, Гал араион аҿы.  Апандемиа аан ауаа амедицинатә цхыраара рыҭаразы ревакуациа алшара иҟамызт.
Абри зегьы амшала аиҟәшаратә цәаҳәа наҟ-ааҟ инхо ауааҧсыра рыҧсҭазаашьа цәгьахеит.  Ҳара ҳазынтәгьы ибзиаҵәҟьаны еилаҳкаароуп абри зегьы зыхҟьаз: ақырҭуаа ралцара амзызла заанаҵы ирмазеиз аетникатә рыцқьара. Абри зегьы аҵыхәа ҧҵәатәуп», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.