Иракли Ҕарибашвили – Иахьа Аҧсны амш иазгәаҳҭоит, Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы ирыдысныҳәалар сҭахуп, ҷыдала аҧсуа ҳәҳәшьцәеи ҳашьцәеи
Иракли Ҕарибашвили – Иахьа Аҧсны амш иазгәаҳҭоит, Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы ирыдысныҳәалар сҭахуп, ҷыдала аҧсуа ҳәҳәшьцәеи ҳашьцәеи

Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Илиа аҩбатәи иҧшьара ала, лаҵара 23 Қырҭтәыла Аҧсны амш иазгәаҳҭоит. Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы ирыдысныҳәалар сҭахуп, ҷыдала аҧсуа ҳаҳәшьцәеи  ҳашьцәеи! — иҩит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили  асоциалтә аҳа  «Facebook» аҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, Аҧсны Қырҭтәыла иузалымхуа хәҭоуп, ақырҭуааи аҧсуааи  ирзеиҧшу рҧеиҧш альтернатива амам.

«Аҧсны — Қырҭтәыла иузалымҳуа хәҭоуп, ақырҭуааи аҧсуааи ирзеиҧшу рҧеиҧш альтернатива амам. Агәра ганы сыҟоуп аҭынчреи, аҿиареи, европатәи аҧеиҧши ашьаҭа ҕәҕәас ишыҟало аҧсуааи ҳареи иаку, иҕәҕәоу Қырҭтәыла ҳаицынхаразы», — иануп Аҧыза-министр иҟаиҵаз аҳәамҭаҿы.