Иракли Ҕарибашвили – Ҳполитикатә мчқәа аполиаризациа аҵыхәа ҧырҵәароуп, ҳара аконструктивтә диалог  ҳазыхиоуп
Иракли Ҕарибашвили – Ҳполитикатә мчқәа аполиаризациа аҵыхәа ҧырҵәароуп, ҳара аконструктивтә диалог  ҳазыхиоуп

«Ҳгәыҧ ахьӡала исҳәар сҭахуп ҳара аконструктивтә диалог ҳшазыхиоу, ҳара хаангьы ашә ҳмыркӡацт», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы.

Иара иажәақәа рыла, уажәазы ахадаратә ҳасабтәс  ирымоуп  ҭынч атәыла аргылареи, арҿиареи, аҭынчра ахьчареи, излауа ала ирласны ахадаратә хықәкқәа рынагӡареи.

«Ҳаиҳабыра, ҳнапхгратә гәыҧ абри зегьы иазыхиоуп. Ишыжәдыруа ала, иаҳзықәдыргылаз аҳәарақәа рҿы ишиашо иазгәаҭоуп ҳполитикатә мчқәа аполиаризациа аҵыхәҧҵәара рылшароуп ҳәа. Ҳгәыҧ ахьӡала исҳәар сҭахуп ҳара аконструктивтә диалог ҳшазыхиоу, ҳара хаангьы ашә ҳмыркӡацт. Ҳара изныкымкәа иҳҳәахьеит ҳтәыла аҧеиҧш иадҳәалоу азҵаарақәа рзы аусеицура ҳшазыхиоу.  Ҳоппонентцәагьы аҭакҧхықәра рхы иадырҵап ҳәа ҳгәыҕуеит, избанзар,  иаҳзықәдыргылаз ахадаратә аҳәарақәа иреиуп аполиаризациа аҵыхәҧҵәара, аха, аоппозициаа ареалтә шьаҿақәа ҟарымҵар, анапхгаратә гәыҧ рымацара уи рзыҟарҵом», — иҳәеит Ҕарибашвили.