Иракли Ҕарибашвили – Ҳаиҳабыра  Украина зеиҧшҟамлац адгылара азаадырҧшит, агәра шәсыргар сҭахуп иҟаҳҵо ашьаҿа цыҧхьаӡа ҳтәыла ашәарҭадара ахьчара ишазку
Иракли Ҕарибашвили – Ҳаиҳабыра  Украина зеиҧшҟамлац адгылара азаадырҧшит, агәра шәсыргар сҭахуп иҟаҳҵо ашьаҿа цыҧхьаӡа ҳтәыла ашәарҭадара ахьчара ишазку

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иҳәамҭала,   аибашьра иааналга инаркны, Қырҭтәыла аиҳабыра Украина зеиҧшҟамлац адгылара азаадырҧшит.

Иракли  Ҕарибашвили иажәақәа рыла, иуадаҩӡоу абри аҭагылазаашьаҿы  иара изы ахадаратә ҵакы амоуп Қырҭтәыла ауааҧсыра ршәарҭадара ахьчара.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, аиҳабыра иҟарҵо ашьаҿа цыҧхьаӡа атәылаҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи ахьчара иазкуп.

«Аибашьра ианалагаҵәҟьа ҳаиҳабыра, лак-ҩакрада, Украинеи аукраин жәлари зеиҧшҟамлац адгылара рзаадырҧшит.  ЕАР арезолиуциа авторцәа ҳреиуп, Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара, Европа Ахеилак уҳәа, аформатқәа зегьы рҿы, зехьынџьара украинатәи ҳҩызцәа адгылара рзааҳарҧшит. Еиҭасҳәар сҭахуп, аҧыза-министр иаҳасабла, аиҳабыра рнапхгаҩы иаҳасабла, сара сзы зегьы реиҳа ихадоуп ҳтәылеи, ҳтәылауааи ршәарҭадара ахьчара, спозициа иақәшаҳаҭым атәылауаагьы нрылаҵаны. Агәра шәсыргар сҭахуп аиҳабыра иҟарҵо ашьаҿа цыҧхьаӡа ҳтәылеи, шәареи, ҳуааҧсыреи рыхьчара ишазку», — иҳәеит  Иракли  Ҕарибашвили.