Иракли Ҕарибашвили – Гьаргь Анҵухелиӡе аҧсадгьыл азгәыкреи, ахамеигӡареи аганахьала  дҽырҧшыган,  убри ала Қырҭтәыла аҭоурых аҿы иҭыҧ ааникылеит
Иракли Ҕарибашвили – Гьаргь Анҵухелиӡе аҧсадгьыл азгәыкреи, ахамеигӡареи аганахьала  дҽырҧшыган,  убри ала Қырҭтәыла аҭоурых аҿы иҭыҧ ааникылеит

Иахьа Қырҭтәыла амилаҭтә фырхаҵа Гьаргь Анҵухелиӡе имшироуп. Гьаргь Анҵухелиӡе аҧсадгьыл азгәыкреи, ахамеигӡареи аганахьала  дҽырҧшыган,  убри ала Қырҭтәыла аҭоурых аҿы иҭыҧ ааникылеит , — иҩит Иракли Ҕарибашвили Феисбук идаҟьаҿы.

Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз  ала,  афырхаҵареи ахамеигӡареи абри аҩыза аҿырҧштәқәа роуп иахьанӡа Қырҭтәыла аазгаз.

«Иахьа Қырҭтәыла амилаҭтә фырхаҵа Гьаргь Анҵухелиӡе имшироуп. Гьаргь Анҵухелиӡе аҧсадгьыл азгәыкреи, ахамеигӡареи аганахьала  дҽырҧшыган,  убри ала Қырҭтәыла аҭоурых аҿы иҭыҧ ааникылеит. Цәгьала дышдыргәаҟуазгьы,  иара афырхаҵареи аҧсадгьыл  азгәыкреи ааирҧшуан.  Афырхаҵа Анҵухелиӡе ақырҭуа доуҳатәра амч ааирҧшит. Сара ҳаҭыр дула дысгәаласыршәоит. Афырхаҵареи ахамеигӡареи абри аҩыза аҿырҧштәқәа роуп иахьанӡа Қырҭтәыла аазгаз», — иҩит Иракли Ҕарибашвили.