Иракли Ҕарибашвили -  Европатәи аҩызцәа ишырҳәоз ала, дара аихьӡарақәа рышьаҭала аӡбара рыдыркылоит,   аха, рыцҳарас иҟалаз, ус акәӡам ишыҟарҵаз, уи ҳгәы канажьит
Иракли Ҕарибашвили -  Европатәи аҩызцәа ишырҳәоз ала, дара аихьӡарақәа рышьаҭала аӡбара рыдыркылоит,   аха, рыцҳарас иҟалаз, ус акәӡам ишыҟарҵаз, уи ҳгәы канажьит

«Европатәи аҩызцәа ишырҳәоз ала, дара аихьӡарақәа рышьаҭала аӡбара рыдыркылоит,   аха, рыцҳарас иҟалаз, ус акәӡам ишыҟарҵаз, уи ҳгәы канажьит», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус даналацәажәоз.

Иракли  Ҕарибашвили  ари аҳәамҭа ҟаиҵеит апарламент аҿы аҳасабырбала данықәгылоз.

«Ҳара ҳазынтәгьы агәыҕра ҳаман Ассоциациатә трио  аҟынтә тәылак ари астатус ахәҭоуп ҳәа,  ус баша акәымкәа, имҩаҧаагаз аусуреи иҳамоу алҵшәақәеи рышьаҭалоуп абри аҩыза агәыҕра шҳамаз, европатәи ҳҩызцәагьы ирҳәахьан аихьӡарақәа рышьаҭала аӡбара ҳадаҳкылоит ҳәа. Аха, рыцҳарас иҟалаз, ус акәӡам ишыҟарҵаз, уи ҳазынтәгьы, атәылауааа зегьы ҳгәы канажьит.  Қырҭтәыла  даҽа агеополитикатә ҭагылазаашьаҿы иҟоуп ҳәа рҳәон, Украина аибашьра иаҿуп, убри аҟынтә астатус аҭатәуп ҳәа рҳәон», — иҳәеит Ҕарибашвили.