Иракли Ҕарибашвили Европаҿ адгыларатә мчқәа иреиҳаӡоу анапхгаҩы, Америка европатәи арратә напхгара аиҳабы, аинрал Кристофер Каволи диҧылеит 
Иракли Ҕарибашвили Европаҿ адгыларатә мчқәа иреиҳаӡоу анапхгаҩы, Америка европатәи арратә напхгара аиҳабы, аинрал Кристофер Каволи диҧылеит 

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, Миунхентәи Ашәарҭадара аконференциа аҳәаақәа ирҭагаӡаны, Европаҿ адгыларатә мчқәа иреиҳаӡоу анапхгаҩы, Америка европатәи арратә напхгара аиҳабы, аинрал Кристофер Каволи диҧылеит.

Аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәылеи Америкеи акыршықәсатәи рстратегиатә партниорреи, иара убас, акыршықәса рыҩныҵҟа Америка Қырҭтәыла адемократиатә институтқәа рырҕәҕәареи, атәылахьчаратә алшарақәа рырҭбаареи, аекономикатә азҳара ацхраареи азы атәыла иазоунашьҭуа ацхыраареи.  

Аиҧылара алахәылацәа ҷыдала иазааҭгылеит атәылахьчаратә алшарақәа реизырҳаразы Қырҭтәыла  Американтә иаиуа ацхыраара, иара убас, иаҵшьны иазгәаҭан евроатлантикатә шәарҭадара арҕәҕәара аус аҿы атәыла иҟанаҵо алагала ду.  Аҧыза-министр америкатә аган ҭабуп ҳәа реиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгыларазы.