Иракли Ҕарибашвили, Ереван, Никол Ҧашиниан диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили, Ереван, Никол Ҧашиниан диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аусуратә визитла Шәамахьтәылатәи ареспубликаҿ дыҟоуп. Аусуратә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны,  Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы ашәамахь иколлега Никол Ҧашиниан диҧылеит. Шәамахьтәылатәи ареспублика аҧыза-министр даҽазнык Иракли Ҕарибашвили дидашшылеит Баҭым акорпус аилаҳара аан ауаа рҭахара иадҳәаланы.

Аганқәа рхаҭарнакцәа  “Аахыҵ Кавказ аҿы аигәыларатә аҭынчратә инициатива” иалацәажәеит. Арегион аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи аиқәыршәара амзызла,  Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили абри аинициативала дықәгылеит ЕАР аҿы. Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала,  аҭынчратә формат абзоурала,  аҭынчратә аигәыларатә инициатива аперспективақәа рылацәажәара рылшоит.  Аахыҵ Кавказтәи аҳәынҭқаррақәа инрываргыланы,  ари аформат иалахәызаауеит жәларбжьаратәи апартниорцәагьы.  

Аиҧылараҿы Қырҭтәыла аҧыза-министр даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит аҭынчреи аҭышәынтәалареи аиқәыршәареи,  иара убас,  зыӡбахәы ҳәоу арегион,  етапла,  алшара ҿыцқәеи,  аҿиареи,  аҭынчреи ррегионс аиҭакреи азыҳәан,  Қырҭтәыла,  активтә медиациа анагӡара ишазыхиоу.

Ҩ-тәылак рҧыза-министрцәа ҩ-ганктәи аусеицура аусхәаҧштә аҿы ахадаратә ҵакы змоу атемақәеи,  Қарҭ Никол Ҧашиниан иофициалтә визит аан излацәажәоз егьырҭ азҵаарақәеи ирзааҭгылеит.