Иракли Ҕарибашвили  Болгариа ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили  Болгариа ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр  Иракли  Ҕарибашвили  Қырҭтәыла иҟоу Болгариа ацҳаражәҳәаҩ  Веселин Валканов диҧылеит.

Аиҳабыра радминистрациа адыррала, аибадырратә ҟазшьа змаз аиҧыараҿы ҩ-тәылак русеицураҿы ахадаратә ҵакы змоу ахырхарҭақәа ирылацәажәеит.  Аганқәа рхаҭарнакцәа ишырҳәаз ала, ари аганахьала иҟоу апотенциал инагӡаны ахархәара амзызла, ҳаҧхьаҟа аусеицура арҭбаара иазыхиоуп.  Ишазгәаҭаз ала, Болгариа, Қырҭтәылазы зҵакы дуу ахадаратә ахәаахәҭратә партниорцәа иреиуп.  Веселин Валканов даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Болагриа Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи, европатәи евроатлантикатәи интеграциеи ишадгыло.

Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа, Украина имҩаҧысуа аибашьреи ашәарҭадара аганахьала арегиони адунеи  аҿы  иуадаҩу аҭагылазаашьеи иазааҭгылеит.  Иракли Ҕарибашвили  Веселин Валканов амаҵзураҭыҧ ҿыц аанкылара идныҳәаланы, аусураҿы ақәҿирақәа изеиҕьеишьеит.