Иракли Ҕарибашвили ауааҧсыра ирыдиныҳәалеит шәнызқьҩык ақырҭуаа рыргәаҟра агәаларшәара амш
Иракли Ҕарибашвили ауааҧсыра ирыдиныҳәалеит шәнызқьҩык ақырҭуаа рыргәаҟра агәаларшәара амш

Абҵара 13 ҳтәылеи адунеи аҭоурыхаҿ иалкаау ахҭысқәа иреиу ахҭыс  ҟалеит – иахьа ҳара адинхаҵареи зеиҧшҟамлац ахамеигӡареи амш азгәаҳҭоит  –   800 шықәса раҧхьа, убри аҽны,   шәнызқьҩык ақырҭуаа рдинхаҵара рхы ақәырҵеит, –  иануп асоциаалтә аҳа  „Феисбуқ“ аҿы Қырҭтәыла аҧыза-министр  иалаирҵәаз аҳәамҭаҿы.

Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала, ҳазхылҵыз ауаа рфырхаҵара агәаларшәара ақырҭуа жәлар рдоуҳатә принципқәеи рдинхаҵара арҕәҕәареи иацхраауеит.

„ Ҳазхылҵыз ауаа рфырхаҵара агәаларшәара ақырҭуа жәлар рдоуҳатә принципқәеи рдинхаҵара арҕәҕәареи иацхраауеит. Ҳаҧхьаҟагьы убасҵәҟьоуп ишыҟало. Ишәыдысныҳәалоит абри амш ду  – шәнызқьҩык ақырҭуаа рыргәаҟра агәаларшәара амш. Анцәа дахылаҧшааит Қырҭтәыла”,- иануп аҧыза-министр иҳәамҭаҿы.