Иракли Ҕарибашвили ауаажәлар Аҳәынҭқарратә бираҟ амш рыдиныҳәалеит
Иракли Ҕарибашвили ауаажәлар Аҳәынҭқарратә бираҟ амш рыдиныҳәалеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили ауааҧсыра Аҳәынҭқарратә бираҟ амш рыдиныҳәалеит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳаз ала, аҳәынҭқарратә бираҟ милаҭлеи акультуреи   ала еилых ҟамҵакәа, ари атәыла иқәынхо ауааҧсыра зегьы ирзеиҧшу рыҧсадгьыли ирзеиҧшу рҧеиҧши иасимволуп.

«Иахьа ҳара зыҧсҭазаара зегьы аҧсадгьыл амаҵ аура иазызкыз ҳфырхацәа ҳгәалаҳаршәоит.

Ҳбраҟ еснагь ишьҭыхзаауеит, ақәҧара ду абзоурала иҳамоу аихьӡарақәа  — ҳхьыҧшымреи ҳхақәиҭреи ахьчареи арҕәҕәареи шынаҳагӡо адыргала», — иҳәеит аҧыза-министр.