Саломе Зурабишвили – Ҳбираҟ ҳамч аанарҧшуеит
Саломе Зурабишвили – Ҳбираҟ ҳамч аанарҧшуеит

Ҳбираҟ ҳамч аанарҧшуеит,  ҳбираҟ Қырҭтәыла аҭоурых зегьы аанарҧшуеит  – ҳтәыла амилаҭтә принципқәа,  адунеихәаҧшышьа,  изхысыз ақәҧарақәа,  ҳтәыла иахьатәии уаҵәтәии аиааирақәа аанарҧшуеит», – илҳәеит Қырҭтәыла ахада  Саломе Зурабишвили Аҳәынҭқарратә бираҟ амш инамаданы апрезиденттә аханаҿ имҩаҧгаз аусмҩаҧгатә аҿы данықәгылоз.

Зурабишвили ишылҳәаз ала, атәылауаа зегьы абираҟ ҳаҭыр ақәҵареи ахьчареи ируалуп.

«Қырҭтәыла абираҟ акандидат астатус змоу атәыла бираҟс иҟалеит,  ҳара уи ҳгәы аздууп,  избанзар,  уаҵәы ҳбираҟ европатәи аҳәынҭқаррақәа рбираҟқәа рывара игылазаауеит. Абри абираҟ кны ҳаруаа ҳтәыла шырыхьчо аадыруеит,  дара еснагь,  иахьаҭаху ҳтәыла рыхьоит,  ари атәыла ахьыҧшымра еиқәдыршәоит. Убри азыҳәан пату рықәаҳҵоит,  ҳраҭабууп. Абри абираҟ иаанарҧшуа рацәоуп,  убри аҟынтә,  ҳара уи ахьчара иҳуалуп,  избанзар,  ари абираҟ ҳареи ҳазынтәгьы ҳаидызкыло апринципқәеи ахьчоит. Акзаара аныҟам ари абираҟ ахатә амчи азкызаареи  ацәыӡуеит.  Убри аҟынтә,   ишыҟазаалакгьы,  ҳара,  ҳтәылаҿгьы,  иарбанзаалак даҽа ҳәынҭқаррак аҿгьы зегьы реиҳа иҕәҕәоу амч – ажәлар ракзаара еиқәҳаршәароуп», — илҳәеит  Саломе Зурабишвили.