Иракли Ҕарибашвили атәылауаа Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә бираҟ амш рыдиныҳәалеит
Иракли Ҕарибашвили атәылауаа Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә бираҟ амш рыдиныҳәалеит

Ҳтәылауаа зегьы амилаҭтә символ хада,  аҳәынҭқарратә бираҟ амш рыдысныҳәалоит.

Аҳәынҭқарратә бираҟ  ауп ақырҭуа адоуҳатәреи,  амилаҭтә принципқәеи,  ҳхақәиҭреи,  ҳхьыҧшымреи зегьы реиҳа ибзианы аазырҧшуа.

Абираҟ ҳҭоурых ду аанарҧшуеит, Қырҭтәыла атәылауаа ргәазыҳәара ду – ҳхақәиҭра ахьчареи арҕәҕәареи иазку рхықәкы хада аанарҧшуеит. Уи ҳара ҳазынтәгьы ҳакзаара иасимволуп  – ҳара ҳазынтәгьы ҧсадгьылк ауп иҳамоуп,  ҧеиҧшк ауп иҳамоу.

Ақырҭуаа рацәа, зегьы реиҳа зыхә дуу – рхатә ҧсҭазаара абри аҧеиҧш азықәҧара иахҭнырҵеит. Иахьа, ҳбираҟ амш аназгәаҳҭо,  даргьы даҽазнык ҳреихырхәаны,  ҳаҭырла  иҳгәалаҳаршәап.

Иахьа аҭынчреи акзаареи зыхьчо ҳаруаа фырхацәа ари амш ҷыдала ирыдысныҳәалар сҭахуп;  Қырҭтәыла арҕәҕәаразы есымша аус зуа ауаа зегьы ҭабуп ҳәа расҳәоит.

Ҳаҧсадгьыл аҭынчреи,  акзаареи,  аҿиареи азеиҕьасшьоит!», — иануп Иракли Ҕарибашвили иҳәамҭаҿы.