Иракли Ҕарибашвили – Апрокуратураҿы ишырҳәаз ала, маӡала иҟаҵаз анҵамҭақәа ирыдҳәаланы аусеилыргара иалагеит
Иракли Ҕарибашвили – Апрокуратураҿы ишырҳәаз ала, маӡала иҟаҵаз анҵамҭақәа ирыдҳәаланы аусеилыргара иалагеит

«Аларҵәара зауз анҵамҭақәа  —  Саакашвилии ҳдеструктивтә оппозициеи аҳәынҭқарреи ауахәамеи ирҿагыланы еибарҳәоз ауп, аха, рыцҳарас иҟалаз, арҭ анҵамҭақәа рҿы егьырҭ ачарҳәаҩцәагьы рышьаҭа убарҭоуп», —  иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили.

Ираклий Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала, аҳәынҭқарра, азакәан ахьӡала ари афакт азы аҭак ҟанаҵоит.

Иара иажәақәа рыла, иацы апрокуратураҿы аарыцҳаит аусеилыргара иалагеит ҳәа, аверсиақәа зегьы аус рыдырулоит, урҭ рыбжьара, еилыркаараны иҟоуп Гахариеи Хоџьеванишвилии ари аус иалахәызу иаламхәызу, избанзар дара Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура крызҵазкәа ахәҭақәа ирхылаҧшуан, аинформациа рацәа рнапаҿы иҟан,  Ацәыҵаӡырҩра амаҵзурагьы иахылаҧшуан.

«Зыӡбахәы ҳәоу азҵааразы ахәаахәҭра салагар сҭахым, заанаҵы алҵшәақәа рыҟаҵара сҭахым.  Аусеилыргара иалгаанӡа ҳазыҧшыроуп», — иҳәеит Ҕарибашвили.