Иракли Ҕарибашвили аклимат аҽаҧсахра иазку ЕАР Аконференциа 26-тәи асессиа ихы алаирхәоит
Иракли Ҕарибашвили аклимат аҽаҧсахра иазку ЕАР Аконференциа 26-тәи асессиа ихы алаирхәоит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, абҵара 1-2 рзы, аклимат аҽаҧсахра  азҵаарақәа рзы ЕАР 26-тәи аконференциа адунеитә лидерцәа рсаммит ихы алаирхәоит, асаммит Глазго имҩаҧысуеит. Аиҳабыра рнапхгаҩы Иеиду аҳраҿы ицзаауеит аиҳабыратә делегациа, уи иалоуп авице- аҧыза, адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиании аиҳабыра русмҩаҧгарҭа аиҳабы Илиа Дарчиашвилии. Аҧыза-министр асаммит иалахәы адунеитә лидерцәа рҿаҧхьа дықәгылоит абҵара 1 азы, иара апандемиа иахылҵыз апроблемақәа инарываргыланы, аклимат аҽаҧсахра иахылҵыз ауадаҩрақәа рҭыҧқәҵаразы азеиҧш ҽазышәарақәа рҵакы дазааҭгылоит. ЕАР 2021 шықәсатәи аклимат аҽаҧсахра 26-тәи аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла аҧыза-министр зыҩаӡара ҳараку ҩ-ганктәи аиҧыларақәа мҩаҧигоит. ЕАР аклимат аҽаҧсахра 26-тәи аконференциа  (COP26) Глазго имҩаҧысуеит жьҭаара 31 инаркны абҵара 12-нӡа. Асаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны, адунеи алидерцәеи аекспертцәеи, Парижтәи аиқәшаҳаҭреи аклимат аҽаҧсахра иазку ЕАР аконвенциа ахықәкқәеи рынагӡареи, иара убас, аклимат аҽаҧсахра иадҳәалоу апроблемақәа рыӡбареи азы азеиҧш ҽазышәарақәеи еиқәшаҳаҭны аусеицуреи шдырҕәҕәаша иалацәажәоит. Асаммит рхы аладырхәоит  120 ҳәынҭқарра рлидерцәа.