Иракли Ҕарибашвили афатәаалыҵ азаҵәыраҭиреи агипермаркетқәеи раҳа змоу аилахәыра Majid Al Futtaim анагӡаратә директор Ҳан Веис диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили афатәаалыҵ азаҵәыраҭиреи агипермаркетқәеи раҳа змоу аилахәыра Majid Al Futtaim анагӡаратә директор Ҳан Веис диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили афатәаалыҵ азаҵәыраҭиреи агипермаркетқәеи раҳа змоу аилахәыра Majid Al Futtaim анагӡаратә директор Ҳан Веис диҧылеит.

Излацәажәаз азҵаарақәа иреиун Қырҭтәылаҿ ари аҳолдинг апортфель аизырҳареи уажәазы иҟоу аинвестициақәа рдиверсификациеи.

Аиҧылара алахәылацәа асасааирҭақәеи иеиҭамҵуа амали аҧара рылаҵара алшара иазааҭгылеит.

Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, Majid Al Futtaim Group Қырҭтәылаҿ қәҿиарала аус ауеит, уажәтәи апортфель аздырҳар, ари аҳолдинг Қырҭтәыла аиҳабыра рҟынтә адгылара ҕәҕәа амазаауеит.