Иракли Ҕарибашвили -  Адунеитә аеҵәақәа Қырҭтәыла имҩаҧырго аконцертқәа абиуџьет аҟынтә ирзоуҳашьҭуеит   70 миллион  лари
Иракли Ҕарибашвили -  Адунеитә аеҵәақәа Қырҭтәыла имҩаҧырго аконцертқәа абиуџьет аҟынтә ирзоуҳашьҭуеит   70 миллион  лари

Қырҭтәыла аҧыза-министр  Иракли  Ҕарибашвили иҳәамҭаала, анеҩстәи ҩышықәса рыҩныҵҟала имаҷымкәа адунеитә аеҵәақәа Қырҭтәыла аконцертқәа мҩаҧыргоит.

Иахьа имҩаҧгаз аиҳабыра реилатәараҿы аҧыза-министр ишиҳәаз ала, ари апроект иазоурышьҭуеит  70 миллион лари.

«Атуризм арҿиара амзызла,  анеҩстәи ҩышықәса рыҩныҵҟа атәылашҟа адунеитә аецәақәа рацәа ааҳгар ҳҭахуп. Рашәареи, ҧхынгәыи, нанҳәеи, цәыббра алагамҭеи азы астадионқәеи, иара убас, аконцерттә зал  «Black Sea Arena»-и аҿы имаҷымкәа аконцертқәа мҩаҧгахоит. Ҳара ари апроект иазоуҳашьҭуеит  70 миллион лари, уи еиҧш алшара ҳамоуп. Анеҩстәи ҩышықәса рыҩныҵҟа ари апроект аҧара азоуҳашьҭуеит, уи иҵегьы атуристцәа рыдаҧхьалара иацхраауеит ҳәа сгәы иаанагоит. Антерес зҵоу апрограмма еиқәҳаршәоит», — иҳәеит Ҕарибашвили.