Иракли Ҕарибашвили  абитуриентцәа ақәҿиарақәа рзеиҕьеишьеит
Иракли Ҕарибашвили  абитуриентцәа ақәҿиарақәа рзеиҕьеишьеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили  абитуриентцәа ақәҿиарақәа рзеиҕьеишьеит.

Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра, наҟ-наҟгьы ирылшо зегьы ҟарҵоит  аҿар аҵара бзиаҵәҟьа аиура алшареи ишәарҭам аҧеиҧши шәзеиқәыршәаразы.

Акыр иаҧсоу абитуриентцәа,

« Акыр иаҧсоу абитуриентцәа, Иаку амилаҭтә аҧышәарақәа аетапқәа зегьы рҿы, шәара иалышәхыз аҧсҭазаара амҩа ҿыц аҿы  шәызынтәгьы ақәҿиарақәа шәзеиҕьасшьар сҭахуп.

Агәра ганы сыҟоуп шәара ҳтәыла аҿиареи ҧхьаҟацареи аусаҿ алагала ду шыҟашәҵо, ишәоуа адырреи аҧышәеи иаҳа еиҕьу аҧеиҧш аиқәыршәаразы шәхы ишашәырхәо.

Ҳаамҭазтәи адунеи аҳасабтә ҿыцқәеи иаҳа ипрогрессиву аҳәарақәеи  азцәырҵит, абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы шәара ишәеиҧшу, згәырҵҟәыл дуу, аусура бзиа избо, ахықәкы змоу аҿар роуп ҳтәыла изықәгәыҕуа.

Ҳара, Қырҭтәыла аиҳабыра, наҟ-наҟгьы иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит аҵара бзиаҵәҟьа аиура алшареи ишәарҭам аҧеиҧши шәзеиқәыршәаразы.

Иара убас, аҧышәаратә процесс ибзиаӡаны еиҿызкааз, абитуриентцәа аҭынчратә иманшәалоу аҭагылазаашьақәа рзеиқәыршәаразы зхы иамеигӡакәа аус зуаз  ауааҧсыра зегьы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп.

Заанаҵы ишәыдысныәҳалоит шәыҧсҭазаараҿы абри зҵакы дуу аетап қәҿиарала ахысра», — иҩит  Иракли Ҕарибашвили.

Иахьа Қырҭтәыла Иаку амилаҭтә аҧышәарақәа иалагеит.

.