Иракли Ҕарибашвили – 2024 шықәсазы аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа рџьаусҧса ацлоит, абиуџьетаҿ иазҧхьагәаҭоуп 10% рзацҵара
«Аконсолидациа зызу 2024 шықәсатәи абиуџьет ахарџьтә хәҭа аханатә 27 миллиард 800 миллион лари иаҟаран. 27 миллиард 800 миллион лари ала иазҧхьагәаҭан ахырхарҭақәа зегьы рфинансыркра аизырҳара, атәанчахә ацҵарагьы уахь иналаҵаны», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.
Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, 2024 шықәсазы аҳәынҭқарратә усзуҩцәа зегьы аџьаусҧса рзацлоит, абиуџьет аҿы иазҧхьагәаҭоуп 10% рзацҵара.
«Ишәгәаласыршәар сҭахуп ашьхаҳаракыратә регионқәа рҿы атәанчахә шацлаз, 70 шықәса еиҳаны изхыҵуа ауааҧсыра 500 лари атәанчахә роуеит. 70 шықәса зхымҵыц – 400 лари роуеит. Иара убас, 2024 шықәсазы аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа рџьаусҧса ацлоит, абиуџьетаҿ иазҧхьагәаҭоуп 10% рзацҵара. Аҵыхәтәантәи хышықәса рыла аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа зегьы 30% рзацаҳҵеит, аполициа аусзуҩцәеи аруааи 45-50% рзацлеит. Иара убас, иазәгасҭар сҭахуп иааиуа ашықәс инаркны аҵара афинансыркра 400 миллион лари ала ишазҳауа», — иҳәеит аҧыза-министр.