Иракли Ҕарибашвили – 2024 шықәсазы аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа рџьаусҧса ацлоит, абиуџьетаҿ иазҧхьагәаҭоуп 10% рзацҵара
Иракли Ҕарибашвили – 2024 шықәсазы аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа рџьаусҧса ацлоит, абиуџьетаҿ иазҧхьагәаҭоуп 10% рзацҵара

«Аконсолидациа зызу 2024 шықәсатәи  абиуџьет ахарџьтә хәҭа  аханатә 27 миллиард  800 миллион лари иаҟаран. 27 миллиард  800 миллион лари  ала иазҧхьагәаҭан ахырхарҭақәа зегьы рфинансыркра аизырҳара, атәанчахә ацҵарагьы уахь иналаҵаны», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.

Аҧыза-министр ишиҳәаз ала,  2024 шықәсазы аҳәынҭқарратә усзуҩцәа зегьы аџьаусҧса рзацлоит, абиуџьет аҿы иазҧхьагәаҭоуп 10% рзацҵара.

«Ишәгәаласыршәар сҭахуп ашьхаҳаракыратә регионқәа рҿы атәанчахә шацлаз, 70 шықәса еиҳаны изхыҵуа ауааҧсыра  500 лари атәанчахә роуеит.  70 шықәса зхымҵыц –   400 лари роуеит. Иара убас,  2024 шықәсазы аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа рџьаусҧса ацлоит, абиуџьетаҿ иазҧхьагәаҭоуп 10% рзацҵара. Аҵыхәтәантәи хышықәса рыла аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа зегьы  30% рзацаҳҵеит, аполициа аусзуҩцәеи аруааи  45-50% рзацлеит. Иара убас, иазәгасҭар сҭахуп иааиуа ашықәс инаркны аҵара афинансыркра  400 миллион лари ала ишазҳауа», — иҳәеит аҧыза-министр.