Иракли Чиқовани  аофициалтә визитла Румынтәыла дыҟоуп
Иракли Чиқовани  аофициалтә визитла Румынтәыла дыҟоуп

Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Иракли Чиқовани  аофициалтә визитла Румынтәыла дыҟоуп. Иракли Чиқовани иколлега Ангел Тилвар диҧылеит.

Румынтәыла Атәылахьчара аминистрраҿы аҧылара аофициалтә церемониа мҩаҧган, анеҩс, аколлегацәа ишиашо аформатаҿ еиҧылеит.

„Қырҭтәылеи Румынтәылеи ртәылахьчаратә усбарҭақәа рыбжьара аусеицура иалацәажәеит ирҭбаау аформатаҿ имҩаҧгаз аиҧылараҿы. Аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра азун Қырҭтәылеи Румынтәылеи рстратегиатә партниорра адекларациала иҳәаақәҵоу аусеицура. Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа Амшын еиқәа арегион ашәарҭадара иалацәажәеит. Хшыҩзышьҭра ҷыда азун  НАТО-Қырҭтәылатәи апакет наӡа анагӡареи  ари апроцессаҿ Румынтәыла алахәызаареи. Аиҧылара ашьҭахь, Иракли Чиқовани, идырым аруаҩ инышәынҭраҿы ашәҭқәа шьҭеиҵеит“, – иануп Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра аинформациаҿы.