Иракли Ӷрибашвили иҳәамҭала, Ҭырқәтәыла аидара ду рышьҭит
Иракли Ӷрибашвили иҳәамҭала, Ҭырқәтәыла аидара ду рышьҭит

Арыцҳара ду ҟалеит Ҭырқәтәылаҿ, иаҳгәылоу, иаҳҩызоу атәылаҿ, аҭырқәа жәлар, Ҭырқәтәыла ахада Ердоӷан даҽазнык срыдашшылар сҭахуп, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили ажурналистцәа данрацәажәоз.

Ӷарибашвили иажәақәа рыла, Қырҭтәыла аҭырқәа жәлар амаксималтә цхыраара рзаанаԥшит.

„Сыдҵа инақәыршәаны, асолидтә аидара ашәахьа-аҩашазы Ҭырқәтәылахь ҳашьҭуеит. Ари азы алаҳхит миллион лари, хазхаҭалатәи асектори, апарламенти егьырҭ аусҳәарҭақәеи ари апроцесс иалахәуп.

Ҭырқәтәылахь иаразнак дәықәоеит 100-ҩык аҟырҭуа аиқәырхаҩцәа. Урҭ ауаа рацәаны реиқәырхара рылшеит”, -иҳәеит Ӷарибашвили.