Иракли Ӷарибашвили - Урыстәыла ҳтәыла асуверенитет, ҳакзаара пату рықәнаҵом, инанагӡоит ҳҵакырадгьылқәа рымпыҵахалара, абри ауп ҳаизыҟазаашьақәа рҿы бариерс иҟоу
Иракли Ӷарибашвили - Урыстәыла ҳтәыла асуверенитет, ҳакзаара пату рықәнаҵом, инанагӡоит ҳҵакырадгьылқәа рымпыҵахалара, абри ауп ҳаизыҟазаашьақәа рҿы бариерс иҟоу

Урыстәыла ҳтәыла асуверенитет, ҳакзаара пату рықәнаҵом, инанагӡоит ҳҵакырадгьылқәа рымпыҵахалара, абри ауп ҳаизыҟазаашьақәа рҿы бариерс иҟоу, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили  Қырҭтәыла Актәи аканал адырраҭара “Зхы иақәиҭу агәаанагара” аҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы 2012 шықәсанӡа Урыстәылаҟны еизыҟазаашьақәа рганахьала иҟаз аҭагылазаашьа дахцәажәеит.  Ӷарибашвили “Ақырҭуа гәахәтәы” анапхгарахь аара ашьҭахь иҟаҵаз ашьаҿақәа дырзааҭгылеит. Иажәақәа рыла, мраҭашәаратәи партниорцәа рабжьагара акәын адеескалациа алагара, аха Урыстәыла иадҳәаланы аполитикатә ганахьала акгьы мԥсахӡеит.

“Ҳарҭ есымшатәи арежим аҿы абордеризациеи аихатә ҭелқәа рыргылареи ирыдҳәалоу ааԥхьарақәа рыҿагылара ҳақәшәоит, ҳтәылауаа рымҵарсрақәа иаҟәыҵуам. Аҭыԥ аман амчылареи ауаҩшьреи. Ари зегьы ишахәҭоу еиԥш ҳақәҿыҭуеит, ҳпартниорцәа ҳадгылоит, аха аполитикатә зҵаараҿы Урыстәыла аганахьала апрогресс ҳамам. Урыстәыла аганахьала иҟоу проблема дала ҳтәыла атерриториатә акзаара ауп. Урыстәыла ҳтәыла асуверенитет, ҳакзаара пату рықәнаҵом, инанагӡоит ҳҵакырадгьылқәа рымпыҵахалара, абри ауп ҳаизыҟазаашьақәа рҿы бариерс иҟоу,” – иҳәеит Ӷарибашвили.

Аԥыза-министр иажәақәа рыла, адеокуппациа амҩаԥгара аполитикатә прогресс ада иҟалом.