Иракли Ӷарибашвили Карл Ҳарцель азҵаабҕьыц аҩбатәи ахәҭа ииҭеит
Иракли Ӷарибашвили Карл Ҳарцель азҵаабҕьыц аҩбатәи ахәҭа ииҭеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцель азҵаабҕьыц аҩбатәи ахәҭа ииҭеит.

“Гәахәарыла ишәыдазгалоит азҵаабҕьыц аҭакқәа. Ахарҭәаара апроцесс хыркәшоуп, зынӡа 7 шәҟәык алҵит, урҭ гәахәарыла ишәысҭоит. Еврокомиссиеи Евроеидгыла иалахәы атәылақәеи рыӡбара аилкаара ҳахыццакуеит”, – иҳәеит аҧыза-министр.  

Ацҳаражәҳәаҩ Қырҭтәыла аҧыза-министр ҭабуп ҳәа иаҳәаны, ишазгәеиҭаз ала, азҵаабҕьыц Еврокомиссиа даараӡа иацхраауеит Қырҭтәыла ахәшьара аҭараҿы. 

„Ҳаҭыр зқәу аҧыза-министр, иахьа абра шәареи иҵегьы имаҷымкәа ауааҧсыреи аџьабаа ду здырбалаз азҵаабҕьыц аҩбатәи аихшьаалатә ахәҭа сыдыскылоит, уи азыҳәан ҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Уи Еврокомиссиа даараӡа иацхраауеит алҵшәа аҟаҵараҿы”, – иҳәеит Карл Ҳарцель.  

Ишдыру ала, Евроеидгыла азҵаабҕьыц аҩбатәи асетортә хәҭа 33 ахәҭаҷқәа амоуп, 2300 раҟара азҵаарақәа амоуп. Қырҭтәыла уи ахарҭәааразы лаҵара 13-нӡа аҿҳәара амоуп, аха, атәыла анапхгара азҵаабҕьыц аҿҳәаранӡа ихадырҭәаар рҭахуп.

Лаҵара 2 рзы Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, аиҳабыра радминистрациаҿы Евроеидгыла ахаҭарнакра анапхгаҩы Карл Ҳарцель ииҭеит ихарҭәаау Еврокомиссиа азҵаабҕьыц актәи ахәҭа.