Иорданиа имҩаԥысыз иҷыдоу аоперациақәа рымчқәа рцәыргақәҵа иалахәын Қырҭтәыла аделегциа алахәылацәа, ицәырган "Дельта" аалыҵ
Иорданиа имҩаԥысыз иҷыдоу аоперациақәа рымчқәа рцәыргақәҵа иалахәын Қырҭтәыла аделегциа алахәылацәа, ицәырган "Дельта" аалыҵ

Иорданиа аҳашимиттә аҳраҿ, Ақаба ақалақь аҿы иҷыдоу аоперациақәа рымчқәа 13-тәи рцәыргақәҵеи аконференциеи SOFEX-2022 мҩаԥган. Иорданиа иҟан Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа рделегциа.

Аделегациа дахагылан атәылахьчаратә мчқәа реиҳабы ихаҭыԥуаҩ, аинрал-маиор Заза Чхаиӡе.

Иорданиа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәара аинформациа ала, Иорданиа имҩаԥысыз иҷыдоу аоперациақәа рымчқәа рцәыргақәҵаҿ ицәырган “Дельта” аалыҵ.