Илиа Дарчиашвили Иорданиа вице-аԥыза, Адәныҟатәи аусқәа рминистр диԥылеит
Илиа Дарчиашвили Иорданиа вице-аԥыза, Адәныҟатәи аусқәа рминистр диԥылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Иорданиа аҳашимиттә аҳра аофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили Иорданиа вице-аԥыза, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Аиман Аль Сафади диԥылеит.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр аинформациа ала, аиԥылараҿ аганқәа атәылақәа ирыбжьоу ҩганкалатәи аусеицуреи еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҿы аусеицура арҭбаареи ирыхәаԥшит.

Чыдала иазааҭгылеит Қырҭтәылеи Иорданиеи рыбжьара аекономикатә аизыҟазаашьақәа рҵакы, атуризми ахәааҳәҭреи рызҳара ахадареи, ааглыхырҭақәа реицаартреи рҵакы.

Иара убас аминистрцәа иахцәажәеит авизадатә режим азҵаара.

Ари атәы аарыцҳаит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә.